12 января президент Рауль Хаджимба сделал телевизионное обращение к народу Республики Абхазия.
***
«Акыр иаҧсоу ҳауаажәлар!
Ишыжәбо еиҧш, арҭ амшқәа рзы Аҧсны аҭагылазаашьа акырӡа иуадаҩын. Иҟан аимак-аиҿак – ауаажәларратә-политикатә зҵаарақәа рыкәша-мыкәша. Урҭ рзын сара сгәаанагара сҳәон, иагьысҳәоит иаахтны – ҳажәлари ихьыҧшым Аҧсны аҳәынҭқарреи ҧхьаҟатәи рлахьынҵа, рҧеиҧш ҳасаб азуны.
Исылшо зегьы ҟасҵон, иҟасҵоит иҟамларцазы аиҿагылара, избанзар ҳажәлар ирхыргахьеит имаҷымкәа атрагедиақәа, арыцҳарақәа. Ҳара ҳазхәыцроуп ҳҭоурых, ҳазнысыз амҩа, шаҟаҩ рхы ақәырҵаз иахьа иҳамоу ахақәиҭра. Сара сашьҭоуп алхрақәа роума, аҳәынҭқарратә система аиқәырхароума– зегьы азакәани, азини, аконституциеи рымҩала имҩаҧысларц. Даҽа мҩак – ишәарҭоу мҩоуп! Имаҷым иҳалшаз, ҳзыхьӡаз, зегьы шәымчала, ажәлар зегьы рымчала. Ирацәоуп ҳазхьымӡазгьы. Аха сгәанала, агәкажьра аҭахым, аҧсҭазаара ҧхьаҟа ицоит. Иҟалароуп аҭынчра, аилибакаара. Уаҳа ҧсыхәа шыҟам аабароуп зегьы, избанзар ҳазегь жәларык ҳауп, адунеи зегьы рылаҧш ҳхуп.
Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит сеилызкааз, исыдгылаз, ҳзеиҧш усқәа рҿы апринципра аазырҧшыз! Иара убас пату сзақәуп досу игәаанагара, амчраҿ дыҟазаргьы, аоппозициаҿы дыҟазаргьы.
Ҳазҭалаз аныҳәамш – ашықәс ҿыц азы ишәзеиҕьасшьоит агәамч, агәалаҟара бзиа!
Анцәа ду илаҧш агымхааит Аҧсны аҵеира ршьала, рфырхаҵарыла иаагоу Ҳаҧсуа ҳәынҭқарра! Сара сыуаажәлар сшәылагылоуп, шәхьаа – схьаауп, шәгәыҕра саргьы исгәыҕроуп! Сыҧсадгьылаҿ сыҟоуп, уи аҧеиҧшазын аринахысгьы исылшо зегьы ҟасҵалоит».
«Уважаемые соотечественники, в эти дни ситуация в Абхазии была очень сложной, были споры и разногласия в общественно-политических вопросах. Я высказывал по этому поводу свое мнение и говорю открыто, что делал все возможное для избежания противостояния народа, потому что наш народ испытал немало трагедий и трудностей.
Мы должны помнить пройденный нашей страной исторический путь и высокую цену свободе, за которую сложили головы многие герои.
Я сторонник того, чтобы все процессы происходили в законном и конституционном русле, иной путь губителен. Немало мы смогли, успели с вашей помощью, с помощью всего народа. Многое не успели.
Мы должны понимать, что нет иного пути кроме спокойствия и взаимопонимания, потому что мы – один народ.
Я уважаю каждое мнение, будь оно представителей власти или оппозиции.
В преддверии праздника Старого Нового года желаю вам крепкого здоровья и удачи.
Да хранит Всевышний наше государство, Абхазию, за свободу которой боролись сыны и дочери Отечества».