Иахьа Аҧсны апроблема ахьыҟам араионқәа ыҟамзар акәхап, аха егьырҭ араионқәа ирҿырҧшны уахәаҧшуазар сара сгәаанагарала, Тҟәарчал ауааҧсыра раҟара ахныҟәгара зцәыуадаҩу маҷзар ҟалап. Зегьы аласҵом, «бзиа ҳаҟоуп, ишәгәамҧхозеи?!» – х,әа ҳазҳәогьы ыҟоуп. Бзиа иҟоу, гәык-ҧсык ала ҳшәеигәырҕьоит, аха ауадаҩра змоу, ирыгу – ирыбзоу аҳәара азин рымоуп.Рыцҳарас иҟалаз Тҟәарчалаа рҕьырак, даҽа аамҭанык еиҧшымкуа ахныҟәгара рцәыуадаҩны иҟоуп.
Избан ҳәа шәҵаауазар, аҭак ҟасҵоит.
Аусурҭа аҭыҧқәа рыҟамзаара. Ҳақалақь ауааҧсыра аус ахьыруаз арацәаҵхырҭа ҭыҧқәа шьҭа акры ааҵуеит иаркуижьҭеи.
Уажәы иахьынӡаҳаҳауа аусурақәа хацдыркырц иаҿуп. Анцәа иҳәаны иҟалозар, – ҧыҭҩык русурҭа ҭыҧқәа рахь ихынҳәып.
Ишдыру еиҧш иаанкылоуп, зеиҭашьақәыргылара иаҿыз аобиектқәа рҿы аусурақәа. Изыхҟьазеи ҳәа уҵаар, еилырганы аӡәгьы аҭак уиҭаӡом. Сақәгуҕуеит иахьатәи аизараҿы, аҭыҧантәи амчрақәа рҟынтәи уи аҭак ҳаҳап ҳәа.
Анаҩыс, аҭыҧантәи афымца еиларс аусзуцәеи, анхарҭа коммуналтә усбарҭеи русзуцәеи рҕьырак «аамҭа бзиак» ҟалаанӡа ҳәа ҧсшьара идәықәҵоуп.
Аус зуагьы руалафахәы ианаамҭоу ироуӡом.
Ҳәарада усурҭада инхоз Тҟәарчалаа акоммуналтә маҵзурақәеи афымца лашареи рыхә ахшәаара рцәыуадаҩхеит.
Изылшаз, усурҭа ҭыҧк ззыҧшааз, ақалақь анҭыҵ Пицунда, Гагра, Шәача. Уҳәа ицаны ауыс рулар акәхеит. Аҭаацәарақәа рҿы аурыс тәанчахуы зауа дыҟазар, уи иҭаацәа ирықәҿиеит уҳәар ауеит, избанзар даҽа аагарҭак рымаӡам.
Сара агәра шәсыргоит, иахьа Тҟәарчалтәи адәқьанқәа зегьы унарылсыр, ахәаахәҭцәа зегьы тетрадк – тетрадк рзықәуп уалла ирҭиуа атауар аазхәо рсиа зну. Анцәа иџьшьаны Тҟәарчалаа зегьы ҳаибадыруеит, ҳагураибагоит.
Ишҧаҟоу иахьа ааглыхратә наплакқәа рҿы аҭагылазаашьа. Иаҳхысыз фымз рыҩныҵҟала, аекономикатә ҟуша иҟанаҵаз аҳасабырба инақәыршәаны Тҟәарчалтәи ааглыхратә наплакқәа зегьы ааидкыланы рхыдҵақәа рынагӡара 40 % маҷк инацны иартәеит. Уи аҳасабырба излаҳәо ала: – аремонтә-механикатә зауад – ахыдҵақәа азынамыгӡеит азаказқәа ахьрымам аҟнытә .
Убасҵәҟьа иҟоуп аҭагылазаашьа азауад “Аргонавт” аҿгьы. Азауад “Зариа”, – иазҧхьагәаҭан ирымаз рыпланқәа нарыгӡеит 39% рыла. Афирма «Тҟәарчал рацәа» аусурақәа ахьаанкылаз аҟнытә ҳәарада иазҧхьагәаҭаз рхыдҵақәа рзынамыгӡаӡеит.
Ари зегьы даҽазныкгьы шаҳаҭра ауеит, ауаа усурада ишаанхаз.
Ишҧаҟоу аҭагылазаашьа Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы. Ҳәарада уаҟа иҟоуп аҩныҵҟатәи аиҿымкаарақәа. Ауааҧсыра агунамӡара рызцәырызго. Сара сызааҭгыларц исҭахыу: – Ахәшәтәырҭаҿыц ҳаргылоит рҳәан иҟаз ҧҽны еиларыжьит. Ахирургиатә ҟәша аусзуцәа гәаҟрыла, иуҳәар ауеит аподвал аҿы аус руеит ҳәа. Атерапиатә ҟуша иахьиаго ахыбра уҩналар ухы угәы ахшәоит. Аҳақьымцәа ирымам ачымазаҩ ихәышәтәразы зда ҧсыхәа ыҟам амыругақәа. Аиаша уҳәозар, араҟа иаанхаз аҳақымцәа рычҳара ҕәҕәоуп амзар, ари еиҧш аҭагылазаашьач, аусура ухы иаҭәаушьартә ыҟам. Избан абриаҟараҩык ахәцәа рыҧсы ахьеиқәдырхоз ахәшәтәырҭа, егьырҭ ахәшәтәырҭақәа зегьы раасҭа еицәаны изыҟоу.
Тҟәарчал–Ақалақь Фырхаҵа ҳәа Аҳаҭыртә хьӡы ахыуп, Тҟәарчалаа шәфырхацәоуп ҳәа – ҳгәы дырҕәҕәоит шьоукы, аха уи ҳара иабаҳахәои? Уажәы издыруеит, исҿадырхьуеит, зегь ҟалоит, – аремонтгьы, аҭагылазаашьа бзиақәагьы аҧҵахоит, уи зегьы ақьаад иануп ҳәагьы нацырҵашт.
Аха Ианба? – ҳәа азҵаара сымоуп. Тҟәарчал анҭацәлак ашьҭахь? Мамзаргьы аӡы иҳәарц илшо а уаа иықәҵны ацара иаҿӡам ҳәа?
Ишҧаҟоу ашколқәа рҭагылазаашьа? Ашколқәа рахь сиасаанӡа. Иахьа сара издыруеит Тина Севериан – иҧҳа Аршба арҵаҩцәа ишрылалҳәаз, абри аизара ахь аӡәымзара аӡәы шәнеир ҟалаӡом ҳәа. Сара издыруеит арҵаҩцәа ааира шырҭахыз. Ари Змаанои???
Ақалақь аҿы иҟоу ашколқәа рҿы аҵара ааӡаратә процесс ибзианы имҩаҧысуеит уҳәар ауеит, ҳарҵаҩцәа рхы иеигӡом, аҵара аганахь ала ҳара ҳашколқәа, егьырҭ араионқәа ргәы иалымсааит ирег,ьымзар иреицәаӡам. Аха ишҧаҟоу ҳраион ақыҭақәа рышколқәа рҿы аҭагылазаашьа. Уажәы сара сызҿу аматериалтә- техникатә ҭагылазаашьа акәӡам. Иарбан идеалогиатә хырхарҭо уаҟа имҩаҧырго. Уаҟа аҭыҧ змаз афактқәа, уажәы салалан сазааҭгылом аха сгәы иҭоуп ат,ып,нтэи депутатк иаҳасаб ала ари азҵаара инҭырҳәыцааны аҭҵаара.
Тҟәарчал ашкол иалго аҿар аҵарақәа ианрылгалакь ашьҭахь шамахамзар арахь ихынҳәӡом, аусурҭа ҭыҧқәа рыҟамзаара иахҟьаны. Ари проблема дуӡӡоуп. Аусурҭа ҭыҧқәа анаҧҵамха, ақалақь еиҳагьы иҭацәуеит.
Ишыжәдыруа еиҧш, ҳақалақь аҿы аргылара иаҿуп абассеин, уажәы уигьы аанкылоуп аха… Зны Рауль Џьумка -иҧа иҳәеит, «Тҟәарчалаа изырҭахузеи абассеин, ауаа ақәҵны ацара ианаҿу аамҭазы»- ҳәа, абри иҳәамҭа шьоукы, изхиҳәааз бзиаӡаны ишеилыркаауагьы аҵәы иахарҵоит. Уи моу, аҧсуа телехуҧшраҿы зны-зынла аизарақәуак, астол гьыжьқәа анаҳдырбо, Тҟәарчал иҟоу аҭагылазаашьа зынӡа иззымдыруа абри атема иалацәажәоит. Абассеин шҧаҳҭахым, аха раҧхьаӡа иргыланы, ҳара агуаанагара ҳамоуп – ауаа усурҭа ҭыҧла еиқәыршәатәуп ҳәа.
Ахәыҷқәа ргуабзиара аҧхьа иргылатәуп ҳәа зҳәо, шәахәаҧш ақәа анауа ашколхәыҷқәа ашкол ахь ианцо- ианаауа, арҩашқәа ихыҵны ҳақалақь амҩақәа ирну? Хәыҷык ишьапы мбааӡакуа дызнеиуоу ашкол аҟынӡа?
Ҳамҩақәа рҭагылазаашьа шҧаҟоу? Арҭ амшқәа рзы, ана – ара акаҭран ақәҵара иаҿуп. Издыруеит аҧара шыҟам. Аха абри, Вл.Арӡынба ихьӡ зхыу амҩа, егьырҭ амҩақәа рҿы иҟоу ажрақәа, ача азауад ахь уназго амҩақәа, ахәышәтәырҭахь уназго амҩаҿ аума уҳәа иҟоу ажрақәа, зны –зынла акәзаргьы хаҳәк аҭаҧсара амуӡои? Мамзаргьы аӡәы даныҧслак мацара акэу уи ҳаналаго. Сҳәашьа ҧшӡамзаргьы ус иҟоуп ахаҭа.
Ишҧаҟоу, ҿыцны ирхыбыз аҩнқәа рҭагылазаашьа .
Ақәаршҩы ашҭахь, азы хыҽҽаны аҭӡамцқәа ирыдлоит, ауаа цәгьам – бзиам ремонтқәак иҟарҵоз бжьыхуа.
Аӡгьы шәгәы нсырхар сҭахым, ари зысҳәо аӡәы акритика изысуп, ма аӡәы игәы ҟасҵап ҳәа акәӡам. Аха «азҩа зӡаз иан дагеит» ҳәа, иҟоу заҳамҳәои.
Аргылаҩцәа ҳара ҳус наҳагзеит рҳәоит, анхарҭа – коммуналтә усбарҭа аҩнқәа зегьы рхыбрақәа ррыцқьаразы иақәнаго атехникагьы рымам, алшарагьы рымам.
Уаанӡа ас еиҧш апроблема аҟаӡамызт, аҩнқәа ақәа зыркылсуаз ахыбқәа ахьхәарҽхахьаз акәын. Уажәы ианырҧсахгьы ауаа рыпроблема шрымаз иаанхеит.
Уи аргылаҩцәа ирхароу, анхарҭа –коммуналтә усбарҭаа ирхароу ҳара ауааҧсыра еилыргатәыс изҳамоу?
Ариаҟара аҧара зыхҭынҵоу ауыс, ахылаҧшра знапы иану араион анаҧхгара шәакәӡами?
Урыстәыла иаҳзыҟнаҵо ацхыраара аҟнытә аҧарақәа шныхыз иазкны иҭыҵыз ашәҟәы аҿы, иануп Тҟәарчалтәи а-2 тәи абжь школ акомпиутертә класс аремонт аҟаҵара иақәхарџьын 500 нызқь, мааҭ ҳәа. 2009 шықәса, Тҟәарчал араион 9 мзтәи абиуџьет анагӡашьа иазкны, араионтә еизарахь инашьҭыз аҳасабырбаҿы иарбоуп: 16 астатиа: «акапиталтә ремонт» – ареспубликатә биуџьет аҟынтәи иалкаауп 107 нызқь 800 мааҭ аҧара – Тҟәарчала – 2-тәи абжь школ акомпиутертә класс аремонт аҟаҵара азы .
Иара убас, абри ашәҟәаҿы иануп, Агәбедиа ашкол иазоужьын 100 нызқь мааҭ акомпиутерқәа раахәара азы ҳәа. Убри аамҭазы, Тҟәарчалтәи абиуџьет аҟәша аҳасабырбаҿы иарбоуп, Агубедиатәи ашкол азы аоргтехника аахәаразы ареспубликатә биуџьет аҟынтәи иазоужьын 60 – нызқь мааҭ ҳәа.
Избан абас еиҧш аиқәымшәарақәа зыҟоу ҳәа азҵаара рысҭар ст,ахуп, хыхь зыӡбаху сҳәаз ашәҟәы аҭыжьыҩцәа…